Wn/ab/Аромантикатә ныҟәара, ацәаныррақәа ртәы иаартны аҳәара: Аҧсны ателедырраҭара “Ҩыџьа ирызку апланета” аҭыхрақәа мҩаҧысит

< Wn‎ | ab
Wn > ab > Аромантикатә ныҟәара, ацәаныррақәа ртәы иаартны аҳәара: Аҧсны ателедырраҭара “Ҩыџьа ирызку апланета” аҭыхрақәа мҩаҧысит

Мшаҧымза 15-19 рзы Аҧсны ателедырраҭара “Ҩыџьа ирызку апланета” аҭыхрақәа мҩаҧысуан.

Аҟәа. Мшаҧымза 24. Аҧсныпресс. Мадина Чагәааҧҳа. Нанҳәамза, 2019 шықәсазы ателеканал “Моя планета” ала ахәаҧшцәа идырбахо ателедырраҭара “Ҩыџьа ирызку апланета” аҭыхрақәа рымҩаҧысшьа атәы Аҧсныпресс акорреспондент диҿцәажәо дахцәажәеит Аҧсны акурортқәеи атуризми Рминистрра аинформациатә ҟәша анапхгаҩы Саид Аршба.

Саид Аршба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, быжьҩык рыла еиҿкаау ателеканал аҭыхратә гәыҧ Аҧсныҟа аара, Аҧсны акурортқәеи атуризми Рминистрреи, амилаҭтә туристтә еилазаара “Турист”, иара убас Икоммерциатәым Аусеицура “Аҧснытәи атуризм аидгылареи” рыла еиҿкаан. “Апроект ҳтәыла хра злоу аҭеиҭыҧш арҳара иазырхоуп”, – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Саид Аршба адырраҭара асиужет далацәажәеит: “Ателеканал “Моя планета” арҿиаратә команда ала иалкаау игәаҧхеибашьо ҩыџьа аромантикатә ныҟәара аҳасабала Аҧсныҟа идәықәҵахоит. Араҟа урҭ арегион, уи аҭыҧ ҧшӡарақәа, атуристцәа шамахамзар ирымбац аҭыҧқәеи, аҭыҧантәи ауааҧсыреи, урҭ рынхашьеи, рыбзазашьеи ртәы еилыркаауеит. Адырраҭара анҵәамҭазы абас еиҧш аепизод азҧхьагәаҭоуп: даара иҧшӡоу ҭыҧк аҿы арҧыс игәы изалымхуа аҭыҧҳа ицәаныррақәа ртәы иаартны илеиҳәоит”.

Саид Аршба иажәақәа рыла, адырраҭара ахронометраж 44 минуҭ ирҭагӡахоит. Уи нанҳәамза, 2019 шықәсазы ателеканал “Моя планета” ала ахәаҧшцәа идырбахоит. Иара убас ари адырраҭара убар алшоит ателеканал “Моя планета” YouTube-канал, мамзаргьы ателеканал аофициалтә саит аҿы.